АҞӘА, жьҭаара 31 - Sputnik. Џьансыхә Адлеиба хышықәса ҭакрада, урҭ рахьтә ҩышықәса ԥышәарыла ихақәиҭра далхәдоуп.
Аҟәатәи аӡбарҭа "амбжьахразы" ахара иднаҵеит ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа апресс-маҵзура.
Заанаҵтәи аусҭҵаара ишьақәнаргылеит, 2024 шықәса аԥхынгәы 17 рзы Адлеиба Апарламент ахыбра азааигәара азинхьчаратә усзуҩцәа рганахь абџьар рханы дхысит ҳәа.
Ишьҭазаара рылаҳәан, нас АХьМ агәаҭарҭа "Ешыра" аҟны даанкылан.