АҞӘА, жьҭаара 31 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә филармониаҿы Алиса Гыцԥҳа Жәларбжьаратәи лмузыкатә еицлабраҿы аиааира згази алауреатцәеи ргала-концерт мҩаԥысит.
Артистцәа ҿарацәа ирыцны асценахь ицәырҵит Воронежтәи аклассикатә оркестри Аԥснытәи аҳәынҭқарратә камертә оркестри.
"Ахкынагӡаратә вокалтә ашәанагӡара" акатегориаҿы актәи аԥхьахә иалауреатцәахеит Анастасиа Колотовеи Анастасиа Лаптевеи.
"Аҟазара ансамбль" акатегориаҿы актәи аԥхьахә ргеит Софиа Сақаниеи Мариа Самусевеи рвокалтә дует "Кластер", иара убас ҭаҭарсҭантәи адует Иаков Асҭашини Саид Хусаинови.
Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа лҟынтә иҷыдоу аҳамҭа ланашьан Москватәи аконсерваториа астудент, аԥснытәи Иарна Сымсым.
Аиааира згаз егьи ргала-концертк абҵара акы азы Пицунда ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп.
Аоператә шәаҳәаҩы Алиса Гыцԥҳа лконкурс сынтәа хынтәны имҩаԥысуеит. Раԥхьаӡа уи амузыкатә лабораториа аформат ала еиҿкаан. Аҟәа жьҭаара 28-30 рзы ахԥатәи араунд азы амастер-классқәеи аӡырыҩрақәеи мҩаԥысит.
Sputnik Аԥсны аицлабра аинформациатә дгылара анаҭоит.