Урыстәыла

Шәача ақалақь аҿы 2025 шықәса инаркны атуристтә баџь алагалахоит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 31 - Sputnik. Шәача ақалақь аҿы 2025 шықәса инаркны атуристтә баџь алагалахоит.
Ақалақьтә Еизара адепутатцәа ашәахтә хада – анхара ахәԥса аҟынтәи 1% азыԥҵәа шьақәдыргылеит ҳәа аанацҳауеит акурорттә қалақь ахадара.
Ажьырныҳәа 1 инаркны анхарҭатә ҭыԥқәа робиектқәа арҭ аԥарақәа рымаҵзуратә хәыԥса иаладырхәуеит. Иааиԥмырҟьаӡакәа ашәҟәҭагалара змоу ақалақь ауааԥсыреи альготақәа змоу ауааԥсыра ркатегориақәа 8 ирыҵаркуеи ашәахтә ашәара аҟынтә рхы иақәиҭхоит.
2024 шықәса ԥхынгәы 12 рзы Владимир Путин акурорттә еизгара аиҭакрала 2025 шықәса инаркны атуристтә баџь алагаларазы азакәан инапы аҵаиҩит. Аҭыԥантәи амчрақәа рхала рхатә зыԥҵәақәа шьақәдыргылоит. Шәача акурорттә еизгара аус ауеижьҭеи 7 шықәса ирылагӡаны 1,7 миллиард мааҭ инареиҳаны еизгоуп. Атуристтә шәахтә акәзар асоциалтә ҵакы змоу иарбанзаалак апроектқәа рахь ирышьҭыр алшоит.