ГАГРА, абҵара 1 – Sputnik, Бадри Есиава. V жәларбжьаратәи атуристтә форум "Visit Apsny" апленартә еилатәараҿы 2024 шықәсазтәи атуристтә аамҭахәҭа аихшьаалақәеи иааиуа 2025 шықәсазтәи азыԥхьагәаҭақәеи ирылацәажәеит.
Апленартә еилатәара амодераторс дыҟан асасдкыларатә индустриа азеиԥшмилаҭтә Еидгыла ахада Алексеи Волков, уи ишьҭихыз атемақәа ируакуп атуризм аусхк аҿы акадрқәа рызҵаара.
"Зегьы раасҭа ихадоу, ари апроблема аӡбара алшом, аха уаиааиртә иҟоуп, избанзар есыҽны ҿыцк-ҿыцк алаагалоит. Иахьа араҟа ароботқәа ҳбоит, ацифраркра, автоматркра, ароботизациа уҳәа убас аџьа алҵшәаиурагьы", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иахьа зыҟаҵара алшо жәпакы аусқәа зыбзоуроу афункциақәа реиԥштәроуп, иазԥхьагәаҭоу абизнес-процессқәа рарбароуп, арегламентқәа роуп, анормаркроуп, аҳасабыркроуп. Ари иԥку аҭагылазаашьақәа рҿы аусура алшарақәа аԥсахуеит ҳәа иҳәеит Волков иагьаҵишьит, Урыстәыла атуризм аусхк аҟны 400 нызқьҩык рҟынӡа аусзуҩцәа шазымхо. 2030 шықәсазы, аобиект ҿыцқәа рыргыларазы иҟоу азԥхьагәаҭақәа ҳасаб рзуны, ари ахыԥхьаӡара 2,5 миллионҩык рҟынӡа инаӡар алшоит.
"Аԥсны атуризм Аидгыла" ахада Анна Калиагина есышықәса аҿар еиҳа-еиҳа атуризм аусхк аҿы аусура ишалагаз, уи ипозитивтәу ҭагылазаашьаны дшахәаԥшуа азгәалҭеит. Убри аан лара илҳәеит Аԥсны азакәанԥҵара-нормативтә шьаҭа атуристтә индустриа аҿиара ишахьымӡо.
"Ҳара урҭ ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьа иақәшәартә еиԥш рыҟаҵара ҳҽазаҳшәеит, аха макьаназ иҳалымшаӡацт. Ииашаны ишәҳәоит Урыстәыла ауаажәларратә еиҿкаарақәа зегьы акыр ҵуеит аусуратә гәыԥқәа ирылахәны иҟоуп, урҭ зегьы аҳәынҭқарратә мчрақәа рҿы ирылацәажәоит ҳәа. Амчрақәа убас алоуп урҭ иалкаау ӡбарақәак ишрызкылсуа", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Аԥсны Аенергетикеи атранспорти рминистрра атранспорттә ҟәша аҟазауаҩ хада Сандро Делба ареспублика амҩатә инфраструктура аҿиара азҵаарақәа дырзааҭгылеит, иара иҳәеит 2024 шықәсазы "Урыстәылатәи аихамҩеи" "Аԥснытәи аихамҩеи" афымцадәыӷба "Ласточка" аԥышәаратә ныҟәара шымҩаԥыргаз, Шәача аҳаирбаӷәаза аҟынтәи Гагранӡа.
"Ласточка" Аҟәатәи адәыӷбатә станциа аҟынӡа аара азԥхьагәаҭоуп, аҵыхәтәантәи астанциа ҳәа иҟало Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза акәхоит. Абри аҩыза ҳапланқәа рҿы иҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥсны Атранспорти аенергетикеи рминистрра иара убасгьы Аԥсни Урыстәылеи еицырзеиԥшу апроект – акруизтә ӷба "Князь Владимир" Шәача амшынбаӷәазаҟынтәи Аҟәатәи абаӷәазаҟынӡа аара аус адулара мҩаԥнагоит. Ҳаԥхьаҟа ари амаршрут Ҟрымынӡа ароура азыԥхьагәаҭоуп ҳәа иҳәеит Делба.
Аԥсны Атуризм аминистрра анализи азыԥхьагәаҭареи рыҟәша аиҳабы Инар Бениаԥҳа иазгәалҭеит хра злоу азԥхьагәаҭарақәа еснагьҵәҟьа ишзынамӡало. Ҿырԥшыс иаалгеит 2024 шықәсазы лаҵарамзатәи аныҳәақәа раан атуристцәа рхыԥхьаӡара иацлоит ҳәа иҟаз азԥхьагәаҭарақәа.
"Апрактика иаанарԥшит азԥхьагәаҭарақәа еснагь ишынамӡало. Убас, 2024 шықәсазтәи асезон алагамҭазы анхарҭа-ҭыԥқәа рырҭәраҿы аиҵахара ҟалеит, уи зыхҟьаз еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа роуп. Раԥхьа иргыланы ахатәы сектор ахаҭарнакцәа ауаа рызхомызт", — лҳәеит лара.
Бениаԥҳа илҳәеит атуристцәа рхыԥхьаӡара аиҵахара анырра азҭаз афакторқәа ишреиуоу Booking аплатформа ду аркра. Бениаԥҳа иара убасгьы иазгәалҭеит, Аԥсны атуризм Аминистрра аотелиерцәа аус рыцуреи рнырреи ишазхиоу.