Аҟәатәи "Нарҭ" Аԥсны ашьапылымпыл ачемпионат аҟны аиааира агеит. Акомандатә усеицура алҵшәақәа, иахьа ашьапылампыл Аԥсны иаҿиашьоу, цхыраарас иаҭаху, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит ашьапылампылтә клуб "Нарҭ" азыҟаҵаҩ хада Асҭамыр Логәуа.
Аҟәатәи ашьапылымпылтә клуб азы ари ажәохәтәи иааироуп Аԥсны ачемпионатқәа рҟны. Аклуб аԥҵоижьҭеи 27 шықәса ҵуеит. Сынтәа "Нарҭ" ачемпионра иаԥсахеит атурнир хыркәшахарц ҩ-турк шагыз, жьҭаара 22 рзы Гагратәи акомандеи аҟәатәи ашьапылымпыласыҩцәеи реицхәмарраан 3:4 ҳәа риааирала.
"Акомандаҟны ихәмаруа уа изызҳаз роуп, ҭаацәакны ҳаҟоуп. Ҩыџьа-хҩы даҽа командақәак рҟынтәи инеизгьы ыҟоуп. Зегьы ибзианы ҳаибадыруеит, аҷкәынцәа хәмаруеит, аинтерес рымоуп. Аԥхьа инаргыланы ахәмарра бзиа иахьырбо акраҵанакуеит, насгьы акоманда аҭоурых ду амоуп, ус баша уааины акәымкәа, акоманда азы уқәԥароуп, ибзианы ухәмарроуп. Аҷкәынцәа ара ишыхәыҷыз еицзызҳаз роуп, акоманда иара атәала иӷәӷәоуп уҳәар ауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар ауеит аудиофаил аҟны хыхь.