Аҽаҩрақәа сынтәа ибзиоуп, аҭагалара ҳаҿуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Анқәаб. Иара иажәақәа рыла ахәырма бзианы иҟалеит, анхацәа аҭира иаҿуп, изырҩогьы дыҟоуп.
Лыхнашҭа аныҳәа атәы дазааҭгыло Хәаԥ ақыҭа ахада иҳәеит сынтәа аныҳәа 40 шықәса ахыҵра инамаданы, иаҳа инарҭбааны ишеиҿкаахо.
"Анхацәа аҽазыҟаҵара иаҿуп. Ауҭраҭых, ашәыр, ачыс зегьы наҳгоит. Зегьы акака рнапы иануп. Аҽеиҿкаара ҳаҿуп", - иҳәеит Анқәаб.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.