Аҭоурых ду змоу Лыхнашҭа имҩаԥысит аҽаҩра аныҳәа. Сынтәа иара иубилеитәын, адунеи аҟны имҩаԥысуаз апандемиа аамҭазы ҩышықәса бжьахеит акәымзар, есышықәса ари аныҳәа мҩаԥыргоит 1984 шықәса раахыс.
Аныҳәа иаҭааит атәыла ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-аминистр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, адепутатцәа, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа.
Традициала ишаԥу еиԥш Лыхнашҭа еиҿкаан ақыҭақәа рашҭақәа, анхацәа урҭ дырҩычеит ашәыри ажәытә амилаҭтә маругақәеи рыла. Инаргеит сынтәатәи аҿамаҿа, ицәырыргеит рчеиџьыка, рҩы, руаҭка.
Аныҳәа алахәылацәа асасцәа ирԥылон амилаҭтә шәҵатәы рышәҵаны, ирыдыргалон рчеиџьыка агьама рбарц, рныҳәаҿақәа шьҭырхуан. Шьыжьнаҵы амцақәа еиқәырҵеит ашьтәеи абысҭеи армазеиразы.
Аныҳәа акультуратә программа акәашара-вокалтә коллективқәеи анагӡаҩцәа ҿарацәеи рконцерт ала ишьақәгылан. Иара убасгьы имҩаԥысит аԥсуа традициатә спорттә еицлабрақәа, имҩаԥган ахыц ала ахысразы амстер - классқәа.
Сынтәа "Аҽаҩраныҳәа" аҿы ақыҭашҭақәа раԥхьаӡа акәны ахәшьара рыҭан. Аиааира згаз аԥаратә ҳамҭақәа ранашьан: актәи аҭыԥ азы – 50 нызқь мааҭ, аҩбатәи аҭыԥ азы – 30 нызқь мааҭ, ахԥатәи аҭыԥ азы – 20 нызқь мааҭ. Акомиссиа аӡбамҭа рылаҳәахоит ҳазҭало амчыбжь азы.