Жәлар ракзаара амш ныҳәа азгәарҭоит иахьа Урыстәыла. Ажәлар ракзаара адунеитә политикатә еибарххарақәа раамҭазы иарбан ҭыпу иааннакылоу, изеиԥшроузеи иахьа Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа, иарбан ҭагылазаашьоу ҳаидызкыло абри азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Амилаҭ ашьақәыргылараҿы аҳәынҭқарраҿы аилибакаара аныҟамла, аполитикатә мчқәа рцәырҵра ҟалоит, ареспублика ашьаҭа ҵназшәаауа ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳагба.
"Ҳакәша-мыкәша иҟоу зегьы гәаҭаны, Урыстәыла пату ақәҵаны рацәажәашьа ҳақәшәароуп. Имҩаԥырго аполитика адгылара аҭатәуп, ҳәынҭқарра дуны, иакны ишьақәыргылараҿы", - иҳәеит Ҳагба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.