35 шықәса раԥхьа, 1989 шықәса абҵара 4 рзы Нальчик имҩаԥысит Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рассамблеиа Акоординациатә хеилак III-тәи аилатәара. Аилатәара амшхәаԥштә аҿы ихадоу азҵаара азкын уи ашықәсан ииуль мзазы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы Аԥсны ишьақәгылаз аибарххаратә ҭагылазаашьа. Ари аилатәара ишьақәнарӷәӷәама аԥсуа жәлар рхьыԥшымра азықәԥаразы рхала ишыҟам, ианаҭахха аамҭазы иаӡәыкны ишгыло Кавказ ажәларкәа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит уи аилатәара иалахәыз, амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иалагылаз, ауаажәларратә усзуҩы Геннади Аламиа.
1989 шықәса рзы Аԥсны аҭагылазаашьа уадаҩын, ирацәан ақәгыларақәа, аибырххарақәа, ҳәа игәалаиршәоит уи ашықәс Аламиа.
"Ассамблеиа акоординациатә хеилак напхгаҩыс сызлаҟаз ала исыдын аизара аиҿкаара. Иӡбан Нальчик амҩаԥгара, избанзар ирацәан иқәгылаз азҵаарақәа. Ассамблеиа иалаз 16 жәлар рхаҭарнакцәа зегьы Нальчик еизеит. Раԥхьа иргыланы Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәатәын, иҟаҵатәу ӡбатәын. Ари Кавказ иқәынхо ажәларқәа зегьы редкылара акәын хықәкыс иамаз", - иҳәеит Аламиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.