АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳауахьчаратә хархәагақәа уахыкала Америка иҭыжьу HIMARS ахыршәқәа ԥшьба ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәылат Атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы, аҳаирплан хкы еиԥшу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 42 ҭадырхеит.
Аусбарҭа адырра ҟанаҵоит, Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла ишықәырхыз қьырала украина иеибашьуа аҳәаанырцәтәи аибашьцәа аамҭалатәи рҭыԥқәа, аӷа ируааи ирратә техникеи 132 раион рҟны.
Арратә операциа иалагазар УкрАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 647 ҳаирыплан, 283 вертолиот, 35258 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 1484 зенит-ракетатә комплекс, 18 740 танки акәылӡымашьынеи, 1 478 реактивтә система, 17 295 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 27 972 ак аибашьыгатә автомобилтә техника ҷыда.