Арадио

Џьергьениа Риҵа илеиз раԥхьатәи асазы: ҳауаажәлар аанагеит

Sputnik
Риҵа раԥхьатәи асы леит. Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳахьаз еиԥш, абҵара 5 ауха Риҵеи Ауадҳареи асы леит. Иабанӡазыҟаҵоу ари ахҭыс Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аусзуҩцәа, абри атәы арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк абнахьчаҩ хада Ҭенгиз Џьергьениа.
Асы шлеиз збаз ауаа рхәыҷқәа рыманы идықәлеит, еигәырӷьоит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Џьергьениа.
"25 см асы шьҭан ашьыжь. Амҩа иахьықәҵааз аҭыԥқәа ыҟоуп. Ҳара аӡын ҳазыҟаҵан ҳаҟоуп, аха атуристцәа мҩаԥызго амашьынақәа рыгьежьқәа аԥсахра иахьымӡаӡеит аҟынтә акык-ҩбак изымхалаз ҟалеит. Амашьынарныҟәҵаҩцәа шьҭа еилыркаауеит аӡын ара иныҟәаларцаз агьежьқәа рыԥсахыр шакәу. Еиҭа аҵаа ҟалоит ҳәа адырра ҳамоуп, атехника дәықәлоит аԥслымӡ акаԥсаразы. Ауадҳара аганахьала амҩа аҳаркит, машәыр ҟамларцаз", - ҳәа иҳәеит Џьергьениа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.