"Мы - Будущее Великой России" и "Стремление" ҳәа захьӡыз афестиваль алахәхара акырӡа аҵанакуан ҳара ҳзы, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Циала Ҷкадуаԥҳа.
"Даара ҳгәы хыҭхыҭуан аиҿкааҩцәа зыхьӡ еицырдыруа, иҳараку аҩаӡара змоу шракуз ҳдыруан аҟынтә. Ахәыҷқәагьы даара рҽазкны икәашеит. Аӡбаҩцәагьы уи азгәарҭеит, Кавказтә иқәгыло шәреиԥшӡам ҳәа ҳарҳәеит. Ҳарҽхәаны ахәшьара бзиақәа ҳарҭеит. Афестивальқәа рҿы акыр ҳақәгылахьеит аҟынтә иаҳдыруеит, игатәу акәашарақәа", -ҳәа лҳеит Ҷкадуаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.