Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Гәниаԥҳа Аԥсуа телехәаԥшра аусура иазкны

Sputnik
Абҵара 6, 1978 шықәсазы Аԥсуа телехәаԥшра аефир ахь аҭыҵра иалагеит. Уи ахҭыс аахыижьҭеи иахьа иҵуеит 46 шықәса. Зхатә традициақәа змоу аҳәынҭқарратә канал знысыз амҩа хҭысла ибеиан, аха ҳаамҭаз уи иаԥсҭазаашьои, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсуа аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Анна Гәниаԥҳа.
Анна Гәниаԥҳа 25 шықәса ҵуеит ателехәаԥшраҿы аус луеижьҭеи. Ари аамҭа ирлас имҩасит, ҳәа азгәалҭеит лара. Анна еиҭалҳәеит, шықәсыбжак инацны ателехәаԥшраҿы дшыҟазгьы, аштат ахь дышрыдрымкылоз. Аха, илымаз амбициақәа, насгьы еснагь лхы иҭаз лабду иажәақәа ирыбзоураны лгәахтәы анагӡара шлылыршаз.
Анна еиҭалҳәеит аԥсуа тележурналистика аҭҵаарахьы дышнеиз, ажурналистцәа рыԥсшәа иарбан еиҭакрақәоу изхысыз.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аиҳабы лхаҭыԥуаҩ далацәажәеит, иахьа ателехәаԥшраҿы иҟоу аиҭакрақәа ртәы, аефиртә аамҭа ацҵара шрылдыршаз, атехника аганахьала рышҽдырӷәӷәо.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.