Арадио

Лагәлаа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа аргыларазы: 31 шықәса ҳаззыԥшыз

Sputnik
Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа рбаҟа аргылара цоит Очамчыра араион Река ақыҭан. Аусурақәа мҽхакыҭбаала рымҩаԥгара иаҭахыз аԥара Аминистрцәа Реилазаара иазоунажьит. Река ақыҭа ахада Геннади Лагәлаа арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит аусурақәа рцашьа атәы.
Ҩымз инареиҳаны аусурақәа цоит абаҟа аргыларазы, урҭ анхыркәшахо макьана еилкаам, ҳәа адырра ҟаиҵеит лагәлаа.
"31 шықәса ҳаззыԥшыз иахьа ицо аусурақәа агәахәара ду ҳнаҭоит. Зыхшара ҭахаз анацәеи абацәеи иахьымӡыз ыҟоуп, аха иаанхаз ҳаҭырла иазнеиуеит", - инаҵишьит иара.
Апроект атәы далацәажәауа иҳәеит, шҭак аҿы ишеицҭагылахо ҩ-баҟак, ҩ-еибашьрак рҿы иҭахаз рыхьыӡ ахьырбахо. Убри аан акомплекс зегьы шәаԥыџьаԥла ирԥшӡаны ишахәҭоу нап адкыланы иҟаҵахоит.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.