Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Басариа Гарри Дбар изкны

Sputnik
Аԥсуа радио аредакторс иҟаз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Гарри Дбар иахьа иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуазаарын 65 шықәса. Иара дыруаӡәкуп амилаҭтә телехәаԥшра анаадыртыз Қарҭтәи ауниверситет иалган иааз ажурналистцәа.
Гарри Дбар Аԥсуа радио редакторс дыҟан аҵыхәтәантәи ишықәсқәа рҟынӡа. Аԥсуа телехәаԥшраҿы иман иавтортә дырраҭара "Аӡыхь". Уи адагьы иара амшын аҵан аҭыхрақәа алзыршаз дыруаӡәкын.
Арадио Sputnik астудиаҿы, аӡаҵаҟатәи аҭыхрақәа ргәыԥ иалахәыз, зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аамҭаказы еиҳабыс иҟаз Ҭенгиз Басариа еиҭеиҳәеит Гарри Дбари иареи раԥхьатәи реибадырра шыҟалаз, игәалашәараҿы дшаанхаз.
Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.