АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Ашықәс ҿыц азы Аԥсны аԥсшьара 15-20% рыла ахә мариахоит Шәача аасҭа.
АТОР ишаҩуа ала, ашықәсҿыцазтәи атурқәа заанаҵтәи аҿаҵарақәа 10-20% рыла еизҳаит ҵыԥхтәи арбагақәа раасҭа.
Аизҳара амзызқәа иреиуоуп — ахәқәа мариоуп, асезонзегьтәи аԥсшьаразы аҭыԥқәа еиҳахоит, асасааирҭақәа рҟны ашықәсҿыцазтәи атарифқәа рыдыргалоит. Уи аан реиҳа иалыркаауа амшқәа иреиуоуп ԥхынҷкәынмза 28, 30, 31.
Аԥсны х-еҵәак змоу асасааирҭаҟны, хынтә акрыфара змоу бжьымш, ашықәс ҿыц аухагьы налаҵаны бжьаратәла аԥсшьара иагоит 38, 5 нызқь мааҭ, Шәача акәзар 46,5 нызқь мааҭ ҩыџьа рзы, рымҩақьыра аламҵакәа.
Иалкаау х-қалақьк:
Гагра — 61,5% ари ахырхарҭахь аҭирақәа зегьы рҟынтәи,
Гәдоуҭа, Аҟәа — 7,7% — 7,7%.