Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Арышԥҳа аԥсаатә ааӡара иазкны

Sputnik
Ҭхьына ақыҭан инхо, арҵаҩы Ирма Арышԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит лымш дшалагои, ашкол аҿы лусуреи аҩнытә лусқәеи еихьагӡашьас илымоуи илыцхраауеи ртәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.