Урыстәыла

Урыстәыла атәылауаҩра зауз, аха аҭоуба ашьҭаҵара мап ацәызкыз ртәылауаҩра рымххоит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩра зауз, аха аҭоуба ашьҭаҵара мап ацәызкыз 2024 шықәса абҵарамза 23 инаркны Урыстәыла атәылауаҩра рымххоит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Афедерациа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Аҭоуба ашьҭаҵара алагалаанӡа, 2017 шықәса цәыббрамза 1 аҟынӡа, Урыстәыла атәылауаҩра зауз, ма урыстәылатәи атәылауаҩра аиуразы арзаҳал аналырҵоз аҭоуба аҟынтәи зхы иақәиҭтәыз ари аӡбамҭа иаҵанакуам.
Нанҳәамза алагамҭазы Владимир Путин арратә маҵзуразы ашәҟәҭаҩра мап ацәызкуа Урыстәыла атәылауаҩра рымхзарц азакәан инапы аҵеиҩит.