Ҷлоу инхо Саида Логәуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ақыҭа лара лыԥсҭазаараҿы ҭыԥс иааннакыло, лусуреи аҩн уси шеилалыгӡо, лымш шеихылшо, ақыҭахәыҷқәа аџьа иахьынӡадҳәалоу, урҭ рабдуцәа ргәараҭара ргәыбылра ахьынӡаду атәы.
Аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.