Очамчыра ақалақь ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ, араион аҵара аҟәша ԥасатәи аиҳабы, Очамчыратәи аҩбатәи ашкол акыршықәса напхгара азҭоз Нелли Фадеи-иԥҳа Ԥачлиа лдунеи лыԥсахит. Аҵарааӡара аџьабаа ду азызбахьаз аспециалист лылшамҭақәа, арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит араион аҵараҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Амҷба.
"Ацәыӡ ду ҳауит ҳәа ҳҳәар иажәа мцхәӡам. СССР аҵара аус аҟны зҽалызкааз, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Ахьӡ-аԥша аорден ахԥаҭәи аҩаӡара занашьаз, акыршықәса Очамчыра араион ахадара аҵара аҟәша напхгаҩыс иамаз, уи адагьы акымкәа-ҩбамкәа аҭакԥхықәратә усқәа знапы рылакыз уаажәларратә усзуҩын Нелли Фадеи-иԥҳа Ԥачлиа. Лыуаажәлар рзы илыллыршаз даара ирацәоуп", - иҳәеит Амҷба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.