Аԥсны аполитикатә культура аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа иаҷыдарахеит аижәылара, агәамҵра, ҭачкәымла аибырххара, ҳәа азгәеиҭеит аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны.
"Абра азҵаара хадак абас иқәуыргылар ҟалоит. Шаҟа иазыразузеи аполитикцәа иара амчраҿы иҟоугьы, аоппозициа ҳәа зхы зыԥхьаӡогьы Аԥсны ҳәынҭқарраҵас ашьақәгылара? Иазыразума абас еиԥш ахьӡ ҳаракы аманы иҟалар, иҿырԥшыганы иҟаларазы? Азҵаарақәа ицәырҵуа зегьы ҳаижәыланы ҭачкәымла иҳаӡбо ҳалагар, ус еиԥш иҟоу аҳәынҭқаррақәа даҽа хьӡык рырҭоит - изышьақәымгылахаз аҳәынҭқаррақәа. Ус еиԥш иҟоу адунеи аҿы ирацәоуп, иааҳәынгьы ирыхәаԥшӡом", - иҳәеит Ҳагба.
Иара иазгәеиҭеит аҳәынҭқарраҿы азҵаарақәа рацәаны ишцәырҵло, урҭ амҩаҿы, ашҭаҿы аибарххарақәа рыла ӡбашьа шырмоуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.