Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳаразиа Иорданиа, Мысра, Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспора рԥылара иазкны

Sputnik
Иорданиа инхо аԥсуа диаспора иҟарҵаз ааԥхьарала Аԥснытәи аделегациа усутә ныҟәарала Иорданиа-Хашимиттәи акралра иаҭан. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа напхгара ззиуаз аделегациа аҳәаанырцә рыҟазаара иалагӡаны имҩаԥыргеит аиԥыларақәа Иорданиа, Мысра, Ҭырқәтәыла. Аусутә ныҟәара шымҩаԥысыз, лҵшәақәас иаиур алшо азы арадио Sputnik аефир аҟны алкаақәа ҟаиҵеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.
"Иорданиа ҩ- нызқьҩык инареиҳаны аԥсуаа нхоит, хәышәҩык атәылауаҩра ашәҟәы змоу ара Аԥсны иаахьеит, аҭагылазаашьа бзианы ирдыруеит. Насгьы ишәгәаласыршәар сҭахуп Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭаҿы адгьыл шалху 102 ҭаацәа рзы. Быжьҩы -ааҩы рнапы адыркхьеит аҩнқәа рыргылара рхатә ԥарала. Ҩ-ҭаацәарак уажәы ииасхьеит анхаразы, ҳаргьы лшара хәыҷык раҳҭеит иахьтәо- иахьгыло аҟәардә, акаруаҭ архиаразы", - иҳәеит Ҳаразиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.