Гал ақалақь аҿы аҳәақәа ранҵара зынӡа иҟалом, абҵара 12 инаркны ақалақь иалоу аҳәақәа иреихслоит ҳәа аанацҳаит араион ахадара анхамҩа аусбарҭа. Ас еиԥш азҵаара иазнеицәҟьома ақалақь ахадара, аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Џьамбул Кәартаа.
Ақалақь аҟны арахә, аҽқәа, аҳәақәа акоммуналтә нхамҩа аусзуҩцәа иҩуа ирышьҭоуп, раанкылара рцәыцәгьоуп, аха иреихсны рышьра ҳәа ажәабжь цазаргьы, ус еиԥш азҵаара ықәгылаӡам Гал ахадараҟны ҳәа иҳәеит Кәартаа.
Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, раԥхьа акәны ақалақь аҩнуҵҟа иҳәуа арахә ааныркылозар 600 мааҭ ахараԥса ақәуп, аҩынтә раан 1000 мааҭ.
"Акалақь аҩнуҵаҟа уи акәша-мыкәша арахә иҟоу адыргацраҳәақәа рырҭеит рлымҳақәа рҟны. Уи ала изтәу аԥшәма дырдыруеит иаразнак. Аҩынтә раан ианааныркыло 1000 мааҭ рҳәеит, аха уигьы измухо ҳәа рацәак аӡәгьы дыҟам, агәаҟцәа роуп. Литрак, ҩ-литрак ахш иамҵуа ишынҭаацәоу иахәаԥшуеит", - иҳәеит Кәартаа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.