АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Гагра Акультура аҩны аҿы зылшара ԥку ахәыҷқәа рфотосахьақәа рцәыргақәҵа "Иҷыдоу аԥшӡара" аатит.
Апроект автор, ареабилитациатә центр "Ҳара ҳаицуп" апсихолог Есма Рекәааԥҳа Sputnik адырра алҭеит раԥхьаӡа акәны абри аҩыза апроект шылбаз Нхыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи аинклиузивтә форум аҿы.
"Уи сара сгәаҵанӡа инеит, иагьысыӡбеит уи Аԥсны хымԥада амҩаԥгара аҭахуп ҳәа", — лҳәеит лара.
Рекәааԥҳа лажәақәа рыла, ацәыргақәҵа зҭеиҭыԥш ҽаӡәы иеиԥшым, зымаха-зышьаха ҷыдоу ахәыҷқәа рфотосахьақәа 18 рыла ишьақәгылоуп.
Лара иазгәалҭеит ахәыҷқәа акамера аҿаԥхьа ишыԥхашьоз, аха афотоҭыхҩы Оксана Григолиа илылшеит урҭ рҭыԥқәа рықәыргылареи асахьа лашақәа рҭыхреи.
Ацәыргақәҵа еиҿнакааит ареабилитациатә центр "Ҳара ҳаицуп", уи мызқәак раԥхьа амҩатә машәыр иахҟьаны иҭахаз Камилла Бениа илызкуп. Ацәыргақәҵа абҵарамза 15 рҟынӡа имҩаԥыслоит.