Аҿар русқәа рзы Урыстәыла Афедералтә маҵзура (Росмолодежь), Урыстәылатәи астудентә гәыԥқәа (РСО), убасгьы Аиааира Аволонтиорцәа рҟазауаа Аԥсны аҿар аус рыдызуло аспециалистцәеи, аусмҩаԥгатәқәа рҿы активла зхы аазырԥшуа аҿарацәеи рзы арҵаратә семинарқәа мҩаԥыргоит жьҭаара 15 - нӡа. Мчыбжьык иалагӡаны апрограмма алахәцәа ироураны иҟоу аԥышәеи, уи анаҩстәи ахархәашьеи дырзааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҟны Аҿари аспорти рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Османоӷлы.
Иара ицәажәараҟны иҳәеит Аԥсны аҿар анҭыҵ рӡыргара, дырдырра хықәкыс ишрымоу, уи азы шықәсык аԥхьа Аҳәынҭқарратә еилакы аҟны жәларбжьаратәи аусеицура ахырхарҭа дырӷәӷәарц шырыӡбаз. Уи азы Урыстәыла аҿар аус рыдулара аганахьала аԥышәа бзиа змоу "Росмолодежь" аҟазацәеи дареи реимадарақәа рырӷәӷәара акрызҵазкуа ракәны дахәаԥшуеит.
"Иахьа иреиӷьӡоу, адырра бзиақәа змоу аусзуҩцәа ааны иҟоуп. Иалацәажәоит иааиуа аамҭазы аҿар рԥеиԥш ахаҿра, аԥхьаҟа ишыҟало. Афутурологиа наука дуӡӡоуп, ҳаргьы ҳҿар уи дҳарҵар, иахьа изну аамҭа иахәаԥшны ԥхьаҟа иҟало ахҭысқәа реилкаара, ииашаны рызнеира рылшоит. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны сыҟан, ҳастудентцәа срацәажәон. Ирҳәеит рдыррақәа шеиҳахо, ишеиӷьхо ас еиԥш асеминарқәа рышьҭахь. Иахьа жәаҩык ааны иҟоуп, есымша алекциақәа ирыԥхьоит. Ҳаԥхьаҟа 2025 шықәсазы урҭ рхыԥхьаӡара еиҳахоит, насгьы ҩынтә-хынтә иаараны иҟоуп ашықәс азы. Ус еиԥш агәҭакы ҳамоуп", - иҳәеит Кара-Османоӷлы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.