АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Москва агәҭынчымра аанарԥшуеит Аԥсны аҭагылазаашьа аҿиашьазы ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова. Абри азы ахҳәаа кьыԥхьуп адәныҟаполитикатә усбарҭа асаит аҟны.
Лара иазгәалҭеит, аиҿцәажәаратә мҩала аиҳабыреи дареи реимак-реиҿак аӡбара злымшаз аоппозициаа иаԥырҵаз акризистә ҭагылазаашьа ареспублика аҿиара иаԥырхагоуп ҳәа.
"Урыстәылатәи аган, Аԥсны аҩнуҵҟатәи ахҭысқәа рҽрыламырхәуа, игәыӷуеит аҭыԥ змоу аҭагылазаашьа ҭынч политикатә мҩа мацарала аӡбара алыршахап ҳәа. Убри аан ҳәарада, Аԥсны азакәанқәа ирықәныҟәалатәуп, ахәҭакахь ала ауаажәларратә еиҿкаара адгылара налаҵаны", — ҳәа аҳәоит ахҳәааҿы.
Урыстәыла АдәАР абжьгара ҟанаҵеит урыстәылауаа аамҭала ареспубликахь аара рҽацәырыхьчарц, ара иҟоу агәҽанызаара аадырԥшырц, аилаҩеиласра ахьыҟоу аҭыԥқәа рааигәара имнеиларц, иалшозар атәыла иалҵырц.