Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭаҿы афельдшер-акушертә пункт ҿыц аусура иаларгоуп. Иабанӡеиқәыршәоу хәшәыла, иарбан цхыраароу ауаа ирырҭо, ирыдҵаало рацәаҩума, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит афельдшер-акушертә пункт амедиаҳәшьа еиҳабы Асида Амҷԥҳа.
"Уахынлазаргьы ичмазаҩу ауаҩы дансыднагалалак мап скӡом, раԥхьатәи ацхыраара исҭоит. Агәыхь имоума, ашьақәыӷәӷәара ҳаракы, аӡәыр инапы ԥҟама, иарбанзаалак ацхыраара сазхиоуп. Асабша ма амҽыша ҳәагьы ҳахәаԥшуам, избанзар ари қыҭоуп, аԥхьа игылоуп счымазаҩцәа. Аҳақьым агәыр ылиҩаазар, ачымазцәа арахь изымааиуазр, дара рыҩныҟа снеиуеит. Ахәшәқәа ракәзар иҳарҭоит иахьынӡарылшо араион аҟынтәи. Егьыс аиҳараҩык аҳақьымцәа ирзылрыҩааз аҽыхәшәтәра инақәыршәаны ауп ишырзыҟаҳҵо ацхыраара. Ус аӡәы инапы, ишьапы ԥҟар, изларӡыхо амаҭәахәгьы сымоуп, ардысга ахәшәқәагьы ", - лҳәеит Амҷԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.