Урыстәыла

Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа — адәныҟатәи аполитикаҿы ихадароу зҵаароуп иҳәеит Песков

Sputnik
АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа — адәныҟатәи аполитикаҿы ихадароу зҵаароуп, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
"Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа — адәныҟатәи аполитикаҿы ихадароу зҵаароуп. Урыстәыла аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы иқәгылоит, аконституциатә ҳәаақәа иҭымҵкә", - иҳәеит иара.