Атәылаҟны аполитикатә ҭынчымрақәа мзызс ирымоу, амчра асистема ԥсахрақәас иалагалатәу, уи азҵаара ҳахьынӡазааигәоу арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит азиндырҩы, Аконституциатә реформазы акомиссиа алахәыла Гиви Габниа.
"Шьҭа 10 шықәса инацны иҵуеит анагӡаратә мчраҟны еиҿыркаауеижьҭеи еиуеиԥшым акомиссиақәа, уи Аконституциа аԥсахразы акомиссиа ҳәа хьӡыс иамоуп, аха еиҳарак зҵаарас иқәнаргыло анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи мчрақәа реизыҟазаашьа, рыҩныҵҟатәи реилазаашьа роуп. Еиҳараӡак уадаҩрас иҟоу ахылаԥшра ауп. Агәаанагара ыҟоуп мчрак иаҳа азинқәеи, алшарақәеи рацәаны иамоуп ҳәа, егьы амч ахылаԥшра амаӡам ҳәа. Аконституциа анҳадаҳкылоз анагӡаратә мчы иаҳа алшарақәа аманы ауп ишҳадаҳкылаз. Еилкаауп, уи анаука аҭҵааҩцәагьы ирҳәоит, раԥхьа Аԥсны аҳәынҭқарра анеиҭашьақәҳаргылоз ус иаҭахын, азҵаара аӡбаразы мчрак иаразнак аҭак ҟанаҵоит ҳәа. Аха, аамҭа цоит, уи иаҳнарбоит амчратә система аԥсахрақәа шалагалатәу", - иҳәеит Габниа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.