АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәыла арегионқәа зегьы рҿы 170 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит, ҳәа азгәалҭеит Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова.
"Аиааира ԥшьынҩажәашықәса ахыҵра, иааиуа ашықәс азы иреиҳау хҭысны иҟалоит. Аныҳәатә усмҩаԥгатә хадақәа рыплан 170 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа аҵанакуеит, урҭ макьанагьы рырҭбаара иаҿуп. Ҳареи урыстәылатәи аиҿкааратә еилакы "Аиааиреи", Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра азгәаҭареи, азыҟаҵареи, амҩаԥгареи рзы аиҿкааратә еилаки, Урыстәыла иҟоу 89 региони аус еицаауеит. Ҳара зегьы иаҳзеиԥшу усуп ари аиубилеишықәс ишахәҭоу ала азгәаҭара, ҳажәлар рфырхаҵара агәалашәара ҳаҭыр ақәҵара", — лҳәеит лара.
Лара иазгәалҭеит, Урыстәылатәи Афедерациа ахада инапынҵақәа инарықәыршәаны, "Росархив" амҽхак ду змоу аҭоурых-документалтә цәыргақәҵа "Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа: адокументқәеи артефактқәеи" азыҟаҵара шымҩаԥнаго. Урыстәылатәи арра-ҭоурыхтә Еилазаареи Аидгылатә ҳәынҭқарреи амемориалтә комплекс "Северный фас Курской дуги" азы аскульптуратә композициа "Монумент Воину-победителю" "Аиааира згаз аибашьҩы ибаҟа" аԥҵаразы апроект анагӡара иаҿуп. -"Северный фас Курской дуги" – – может "Курсктәи архәа аҩадатәи ахаҿы", "Аибашьҩы-фырхаҵа ибаҟа"
"Сынтәа ҳара иара убасгьы иаҳбар ҳалшоит апроект "Иааира заҵәык зегьы рзы" раԥхьатәи аусмҩаԥгатәқәа. Апроект асовет республикақәа зегьы рыжәларқәа Аиааира Дуӡӡа агаразы иҟарҵоз рлагала иазкуп. ИАР Аҳәынҭқаррақәа рхадацәа Рхеилак анацизм аҿагылараҿы аҭынчреи акзаареи рышықәс ҳәа ирыланаҳәаз 2025 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи акультуратә усеицура Аиааира Дуӡӡа 80 шықәса ахыҵра леитмотивны иазыҟалоит", ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Лиубимова.
Афедералтә театрқәагьы активла рҽазыҟарҵоит ари аиубилеи. Санкт-Петербургтәи Амилаҭтә драматә театр аҿы аибашьра ашықәсқәа ирызку Александринка авидеосахьа ӡырнагоит, афотоҭыхымҭақәеи адокументқәеи рцәыргақәҵа еиҿкаахоит, архивтә альбом аҭыжьра мҩаԥгахоит. Урыстәыла Атеатр Ду "Аибашьреи амузыкеи" ҳәа хьӡыс измоу ацәыргақәҵа азнархиоит, аибашьраантәи ахыгаратә шықәсқәа раан атеатр аус ахьауаз Самара (ԥыхьатәи Куибышев) ақалақь аҿы амҽхак ду змоу агастрольқәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭаны иамоуп. Урыстәыла Атеатр Маҷ Когалым ақалақь аҿы архивтә материалқәа рцәыргақәҵа "Атеатр Маҷ афронттә ҟәша" еиҿнакаауеит, иара убасгьы еиҿнакаауеит атематикатә екскурсиа "Атеатр Маҷ афронт азы". Новосибирсктәи аопереи абалети ртеатр аҿы ахыгараамҭаан СССР акультуратә малқәа реиқәырхара иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит, ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Лиубимова.
"Ааԥынразы ҳара зегьы ҩаԥхьа "Агәалашәара ацәашьқәа" аҳаркуеит, акциа "Агәалашәара абаҳча" ахәҭак аҳасабала аҵлақәа еиҭаҳҳауеит, акциақәа "Аԥшьа Гьаргь илентеи" "Ԥсра зқәым архәҭеи" ҳрылахәхоит еиуеиԥшым аформатқәа рыла", ҳәа иазгәеиҭеит аусбарҭа аиҳабы.
Иара убасгьы аминистр еиҭалҳәеит аиубилеитә шықәса иалагӡаны акинотеатр "Иллиузион" аҿы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә кинофонд атематикатә проектқәа: аныҳәатә концерт, аветеранцәа ирызку афронттә кинофильмқәеи адокументалтә фильмқәеи рырбара, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иҭыжьу асахьаркыратә фильмқәа ртематикатә кинопрограмма арбара мҩаԥгахоит. Арҭ аусмҩаԥгатәқәа рахь аветеранцәеи урҭ рҭаацәеи ҳаҭыр зқәу сасцәас иааԥхьахоит, ҳәа азгәалҭеит лара.
"Аиубилеитәшықәс иалнаршоит урҭ аамҭақәа рзы иҟаз ахҭысқәа ргәалашәара арҿыцра, ари аныҳәа иадҳәалоу абиԥарақәа реимадареи атрадициақәеи реиқәырхара. Лаҵара 9 дарбанызаалак Урыстәылауаҩ изы иԥшьоу рыцхәуп, амилаҭтә акзаара акод акәны иҟоуп" ҳәа лҳәеит Лиубимова.