Акәашаратә ансамбль “Ашара” 15 шықәса ахыҵит. Уи аханатә иахьӡыз, изыԥсахыз ахьӡ, ишҿиоз, изнысыз амҩа, иахьа русура шеиҿкаау, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит “Ашара” асахьаркыратә напхгаҩы Асҭанда Чачибаиаԥҳа.
Жәлар рыкәашара ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Ашара" иахьазы ҩышәҩык инареиҳаны еиднакылоит, акәашашьа ддырҵоит Аҟәеи Гәдоуҭеи ақалақьқәа рҟны, лҳәеит анапхгаҩы. Лара лажәақәа рыла, ансамбль аҟны 21 кәашара рымоуп, хадаратәла ахшыҩзцара арҭоит аԥсуа кәашарақәа.
"Сара иаҳа срызҿлымҳауп аԥсуа кәашарақәа, ажәытәтәиқәа. Уажәы иаҳа ишьҭкааны ирымоуп Кавказ акәашарақәа, зегьы иргәаԥхоит, саргьы, аха иаҳа срызҿлымҳауп аԥсуаа иаҳтәу, аубыхцәа рыкәашара. Убриала хәыҷык ҳалукаартә ҳаҟоуп ҳәа сыԥхьаӡар сылшоит", - лҳәеит Чачибаиаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит лцәажәараҟны, ахәыҷқәа акәашашьа дырҵара анаҩсгьы, абызшәа агәыбылра дыркра, аԥсуа илеишәа, ихымҩаԥгашьа деилыркаара аҭахны ишылԥхьаӡо, уи излалылшо ала ишрызналго.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Жәлар рыкәашара ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Ашара" 15 шықәса ахыҵра инамаданы иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны аконцерт мҩаԥгахоит.