АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Москва Аԥсны аҭагылазаашьа аибарххара аанкылара алзыршаз ареспублика анапхгареи аоппозициеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рхазы иазгәаҭаны, ирыдыркылеит. Абри атәы лҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.
Лара инаҵшьны иазгәалҭеит Москва Урыстәыла зегь реиҳа иазааигәоу адгылаҩцәеи апартниорцәеи иреиуоу Аԥсны аҭагылазаашьа аҿиара ишацклаԥшуа.
Захарова лажәақәа рыла, ареспубликаҿы заанаҵтәи аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рымҩаԥгаразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара акырӡа аҵанакуеит.
"Аԥсуа жәлар роуп ареспублика ашәарҭадара, аҭышәынтәалара, шьаҿа-шьаҿа аҿиарамҩа анылара зылшо аҳәынҭқарра ахада далызхша", — ҳәа лҳәеит лара.