Аԥсны

Очамчыратәи "Ерцахә" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа иаиааит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Очамчыратәи "Ерцахә" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа иаиааит.
Иара аиааира агеит аҟәатәи "Динамои" иареи рматчашьҭахьтәи апенальтиқәа рыла. "Ерцахә" ԥшь-мпылк ҭанаршәит, "Динамо" — ҩба.
Аматч иреиӷьу ахәмарҩы ҳәа дыԥхьаӡоуп апенальтиқәа руак аанкылара зылшаз "Ерцахә" амбахьчаҩ Леон Қәҭелиа.
"Ерцахә" хынтәуп ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа иаиааиуеижьҭеи. Уаанӡа ари акрызҵазкуа атрофеи иаиааихьан 1994, 1997 шықәсқәа раан. "Динамо" — Ахраҿа хынтә иаиааихьеит — 1996, 2010, 2023 шықәсқәа рзы.