Џьгьарда инхо, арҵаҩы, ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Альбина Дочиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, ақыҭа аԥсҭазаара илзацу агәыбылра атәы, лусқәа шеилалагӡо, аҭаацәараҿы аилибакаареи аидгылареи ҵакыс иамоу, аҿари ақыҭеи ахьынӡеидҳәалоу атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.