Абҵарамза 26, 1994 шықәсазы Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҿы ирыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа. Жьҭаара 3, 1999 шықәсазы Аԥсны Жәлар рыбжьыҭарала уи шьақәырӷәӷәан.
1994 шықәсазы ирыдкылаз Аԥсны Аконституциа адунеи аҿы иҟоу иреицәам, усҟан иахәҭаны ҳәа иԥхьаӡаз зегьы уа иарбоуп ҳәа азгәеиҭеит аицәажәараҿы Табаӷәуа.
"Аҭагылазаашьа аҽаԥсахуеит. Уи арҽеирақәа алуҵар ауеит. Иаԥҵан акомиссиа, аӡбаҩцәа рацәаҩны еидызкылаз. Ицәгьамкәа аус ауит. Алҵшәақәа атәыла ахада иҿы инаган. Администрациаҿы иҟаз азиндырыҩцәагьы рхатә гәаанагара нацҵаны, Апарламент ахь ишьҭын. Ҩышықәса ҵуеит уа ишьҭоижьҭеи", - иҳәеит Табаӷәуа.
Азиндырыҩ игәаанагарала аԥсахрақәа рыдкылара иаамҭоуп уажәы.
"Атәыла хада иалхрақәа рҟынӡа ареформақәа рыдкылара алшоит. Акәаԥ ргылатәуп уажәы. Иахьатәи ҳҭагылазаашьаҿы уи даара иахәоит", - инаҵишьит Табаӷәуа.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.