Аԥсны абнатә нхамҩатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа аԥсаҵлақәа изакәанымкәа рыԥҟара аԥырҟәҟәааразы аусмҩаԥгатәқәа рзы адҵа ҟанаҵеит. Аҵлақәа ԥҟаны аџьармыкьаҿы рыҭира аҽазышәарақәа раԥырҟәҟәааразы аԥшыхәрақәеи ареидқәеи еиҿкаахоит. Аԥсны абнатә нхамҩа аусбарҭа абнанхамҩа аҟәша аиҳабы Лаура Ҭарԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит агәаҭарақәа ианрылаго атәы, урҭ шеиҿкаахо, насгьы аԥсаӡқәа рыхьчаразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.