Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Лагәлаа ахәыҷқәа ирызку ишәҟә ҿыц атәы

Sputnik
Ахәыҷкәа ирызку ажәабжьқәа еидызкыло ашәҟәы"Арбаӷь шкәакәа" ҭыжьуп. Иарабн тематикоу уаҟа иаарԥшу, ианбаҩыз ажәабжьқәа, аҭаацәа рхәыҷқәа рзы ашәҟәы роур шрылшо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит автор, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа.
Ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәеи, ажәабжьқәеи, аповестқәеи иҩуеижьҭеи акрааҵуеит, ашколқәра аҟынтәи аахыс уҳәар алшоит, иҳәеит ицәажәараҿы Анатоли Лагәлаа.
"Аԥсуа литератураҿы ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа иахьа дара ирызноугартә, ахәыҷқәа аԥхьартә, дунеи ҿыцк рзаанартратәы иҟоуп. Акзаҵәык исҭаху абри ашәҟәы ирацәаҩны иаԥхьарц ауп",- иҳәеит Лагәлаа.
Ахәыҷқәа ирызку ашәҟәы "Арбаӷь шкәакәа" еиднакылоит ажәабжьқәа жәба. Урҭ еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы автор иҩхьаз, икьыԥхьыз, ҿыцны аус рыдуланы, еидкыланы иҭижьыз роуп.
Ашәҟәы "Арбаӷь шкәакәа" ҭыжьуп агәыразратә фонд "Амшра" ацхыраарала, иҟоуп 500 цыра. Автор иажәақәа рыла, ашәҟәқәа хәыда-ԥсада ишахоит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.