Апоет, ашәҟәыҩҩы, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик Владимир Занҭариа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩыс далхуп. Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа алахәылацәа изаамҭанытәым Реизара ду аҟны.
Ассоциациа ахантәаҩы иаҳасабала хықәкыла иусураҟны хшыҩзышьҭра зиҭо атәы дазааҭгыло, Владимир Занҭариа иҳәеит Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа зшьапы икыз атрадициа камыжькәа еихаҳатәуп ҳәа, убасгьы иазгәеиҭеит имоу агәҭакқәа ртәы.
"Иацысҵарц исҭахуп аԥхьа иргыланы аԥсуа шәҟәы аҳаҭыр ашьҭыхра. Уажәы исызҳәом исылшо-исылымшо атәы, аха сазҿлымҳахарц сҭахуп... Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылагьы Ассоциациагьы еиҩаҳшо арбан, аӡә ҳауп, хықәкык ауп иҳамоу - ҳаԥсуа литература аӡыргара", - иҳәеит Занҭариа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа аԥҵан 2004 шықәсазы. Напхгаҩыс даман цәыббра 26 2024 шықәсазы зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.