Апоет, ашәҟәыҩҩы, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик Владимир Занҭариа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩыс далхуп. Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа алахәылацәа изаамҭанытәым Реизара ду аҟны. Иара арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит арҿиаратә хеидкыла иахықәку, хыдҵақәас аԥхьаҟа иқәнаргыло атәы. Шәахәаԥш инарҭбаау авидеонҵамҭа.