Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Габниаԥҳа ақыҭаҿы ахатә ус аԥшьгара иазкны

Sputnik
Хыԥсҭа ақыҭан инхо Диана Габниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит анаплакы маҷ аартра дшазнеиз, аҭаацәа зегьы уи аус ишадҳәалоу.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.