Sputnik Аԥсны 10 шықәса ахыҵит. Иахьатәи алҵшәақәа ҳаурц азы Sputnik хҭысла ибеиаз, зны-зынлагьы имариамыз амҩа ианысыр акәын. Раԥхьатәи ашьаҿақәа, раԥхьатәи аԥышәа, ауадаҩрақәеи, аӡбамҭақәеи ртәы арадиоаефир аҿы иргәаладыршәеит, Sputnik Аԥсны раԥхьатәи анапхгаҩы Инал Лазбеи, амаҵзура раԥхьатәи акорреспондентцәа иреиуоу Бадраҟ Аҩӡбеи.
Инал дазааҭгылеит, раԥхьатәи ашьаҿақәа ртәы, еиҭеиҳәеит, ажурналистцәа рганахьала ишыҟаз агәрамгара, Sputnik "анҵыра" аиуА иҟалап ҳәа, насгьы амаҵзура иамаз ахатә ԥҟарақәа ауаажәларраҿы ишрылаҵәоз.
Занааҭла ифилологу Бадраҟ Аҩӡба игәалаиршәеит, ажурналистахь иааира шыҟалаз, аредактор хада Владимир Нездоровин иусура иабзоураны итекстқәа рышҽырыԥсахуаз.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.