Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Амҷба Аԥсни Урыстәылеи астуденттә еилазаара реиԥылара иазкны

Аԥснытәи астудентцәа Урыстәылазегьтәи астуденттә отриадқәа реиԥылара ду, жәларбжьаратәи афорум уҳәа аусмҩаԥгатәқәа рыҽрыладырхәит. Урҭ шымҩаԥысыз арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ААУ астудентцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Амҷба.
Sputnik
Афорум еиднакылеит 80-ҩык астудентцәа. Урҭ еиҳарак аҿар рхеилакқәа напхгара рызҭо ракәын. Доусы имоу аԥышәа атәы далацәажәеит ҳәа азгәеиҭеит аинтервиу аҿы Амҷба. Урыстәылазегьтәи астуденттә отриадқәа реиԥылара ду акәзар амҽхак даара иҭбаан, уи еиднакылеит жәа-нызықьҩык астудентцәа ҳәа иҳәеит Руслан.
Иара убасгьы далацәажәеит, Аԥсны астуденттә отриадқәа раԥҵаразы иҟоу аидеиақәа ртәы, урҭ реидкылараз хырхарҭаны иибо.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.