Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кациаԥҳа ахымхәацәа ирҭаху ацхыраара атәы иазкны

Ԥхынҷкәын хԥа аинвалидцәа рымшны иԥхьаӡоуп. Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра, асоциалтә цхыраара аҟәша аусзуҩы Мзиана Кациаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит хылаԥшра зырҭоу ахымхәацәа ирҭаху ацхыраара атәы.
Sputnik
Асоциалтә цхырааҩцәа иаадкыланы 200-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра рымаҵ руеит. Урҭ хылаԥшра зырҭо ирҭаху ацхыраара иаҿырԥшны, ишьақәдыргылоит акт. Уаҟа хықәкыла иарбоуп, ауаҩы ишицхраатәу. Аҩны аиларгара аума, рхәы ҟаҵатәума, афатәи ахәшәқәеи рзаагатәума, атәанчахәы рзамхтәума, уҳәа абри зегьы ацхырраҩцәа рнапы иануп.
Кациаԥҳа илҳәеит, ацхыраара зыҭатәу ауааԥсыра рыӡбахә агәылацәа рыла ишраҳауа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.