Киплинг ирҿиамҭала ахәыҷтәы спектакль "Маугли" аԥхьарбара мҩаԥысит РУСДРАМ. Астудиа "Чик" иаунажьҭит даҽа гәыԥк. Актиорцәа хәыҷқәа рҟазара асцена ду аҟны ахәаԥшцәа ирызнаргеит. Ари аус иацыз аџьабааи, аҭакԥхықәреи, насгьы уажәтәи аушьҭымҭацәа рҷыдареи атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Фазиль Искандер ихьӡ зхәу аурыс драматә театр ахәыҷтәы студиа анапхгаҩы Џьамбул Жорданиа.
Гәыԥцыԥхьаӡа рхатә ҷыдарақәа рымоуп, ахәыҷқәа шеизо еиԥш ауп ирзышьҭхуа аматериалгьы шалххо ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Жорданиа.
"Ахәыҷқәа шыҟаз ала "Маугли" рылшоит ҳәа сгәы иаанаганы ауп ишалаҳхызгьы. Ҳара ҭакԥхықәраны иҳамоу ахәыҷқәа атеатртә ҟазара атәы дырҵара мацара акәӡам, рааӡароуп. Еиҳарак рхы аџьабаа шадырбалаша, иахьцалакгьы. Рыҩаӡара шышьҭыхлатәу. Аӡәи-аӡәи шеизхәыцлар акәу, аиҩызара акыр шаҵанакуа", - ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Жорданиа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.