Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьынџьалԥҳа ашықәс ҿыцазтәи акциа иазкны

Sputnik
Афондқәа "Ашанеи" "Кьарази" есышықәса еиԥш сынтәагьы еиҿыркаауеит ашықәс ҿыцазтәи акциақәа. Уажәшьҭа зегьы еицырдыруаны иҟалаз "Уҵаа Бабадуха" акциа сынтәа шаҟаҩы ахәыҷқәа алахәыда, адгылара абанӡамоу ауааԥсыра рҟынтә, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, акультуратә-гәыҳалаларатә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
Афондқәа сынтәа акциақәа хаҭа-хаҭала имҩаԥаҳгоит, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Џьынџьалԥҳа. Ԥхынҷкәын 5 - аҵыхәтәантәи мшуп ахәыҷқәа рҟынтә асалам шәыҟәқәа анроуа. Акциа иалахәуп 13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа.
"Асалам шәҟәы асоциалтә ҳаҿы ианаҳкьыԥхьуа, иаразнак Аҵаа Бабаду дҳаԥшаауеит. Акциа даара иазҿлымҳауп ҳуааԥсыра. Хәыҷык даанымхац ҳамҭада", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.