Арадио

Габилаиа еиҭеиҳәеит, абгақәа иҟарҵо аԥхасҭа азҵаара аӡбара ргәы ишҭоу

Очамчыра араион аҿы анхацәа аԥхасҭа ӷәӷәа рырҭоит абгақәа, ҳәа адырра ҟаиҵеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габилаа. Уи азҵаара аӡбара ргәы ишҭоу атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит.
Sputnik
Ес еизара ақыҭа ахадацәа ишьҭархуеит абгақәа иҟарҵо аԥхасҭа атәы азҵаара шьҭырхуеит, ҳәа азгәеиҭеит аинтервиу аҿы Габилаиа.
"Иааиуа ашықәс азы убыс еиԥш азгәаҭан иҳамоуп, ақәыџьмақәа рзышәарыцара зылшо изларшьо џьаԥҳаныла реиқәыршәара. Аиашазы урҭ иҟарҵо аԥхасҭа дууп, сара хаҭала ари ашықәс азы жәа-хык еиҳаны арахә сцәырфахьеит", - иҳәеит Габилаиа.
Иара убасгьы еиҭеиҳәеит, уаанӡа ақәыџьмақәа рышьразы аԥара анырзоурыжьуаз, аекологцәа агәынамӡара шаадырԥшуаз. Усҟан абгақәа иршьыз рацәахеит.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.