Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Инаԥшьба Мушьни Хәарцкьиа изкны

Sputnik
Ԥхынҷкәын 6 1992 шықәсазы Мрагыларатәи афронт аҟны дҭахеит аҵарауаҩ, археолог, Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа. Ихшыҩ, идунеихәаԥшышьа, игәаӷь ари зегьы лабҿаба иубарҭан аибашьра ацәаҳәаҿгьы. Афырхаҵа арадио Sputnik аефир аҿы дигәалаиршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Руслан Инаԥшьба.
1989 шықәса инаркны Мушьни идыруан аибашьра шыҟалоз, ҳәа иҳәоит аефир аҿы Инаԥшьба, иара уи хшыҩла иҽазыҟаиҵон, иазгәеиҭоит аветеран.
"Аибашьра ианалага амшәашьа, ахымҩаԥгаша, аибашьышьа ҳарҵара далагеит. Уи ҳаԥхьа иргылара ииашаӡамызт. Аштаб аҿы дыҟазар акәын, аха иара убыс иаҳа ииашоуп ҳәа иԥхьаӡон. Ҳанихәаԥшуаз ашәара ҳаҟәыҵуан. Даара иџьасшьоит, абри ауаҩ абысҟак хара аԥшра изҭазеи ҳәа. Иҭахара ашьҭахь ҳаиҭымхазшәа сбо салагеит", - абас дигәалаиршәоит аветеран Афырхаҵа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.