Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысит аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа диижьҭеи 75 шықәса аҵра инамаданы игәалашәара иазкыз аиԥылара. Аҵарауаҩ аҭоурых иазаанижьиз аматериалқәеи аҭҵаамҭақәеи ртәы, насгьы иара уаҩык иаҳасабала дзеиԥшраз, арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.
Валикәа Маџьыҭ-иԥа Аԥсуаҭҵааратә институт аҭоурых аҟәшаҿы аус иуан. Иҭиҵаауан арратә материалқәа. Атәылахьчара аминистрра архив аус адиулон, аҭҵааратә усзуҩыс дыҟан. Дрылахәын Аԥсны амилаҭҭә хақәиҭратә қәԥареи, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.