Арадио

Кәарҷиаԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа ахәыҷбаҳчақәа аус шыруло алашаразы аԥкрақәа раан

Sputnik
Аҳҭнықалақь ахәыҷбаҳчақәа русушьа еиҿкаашьас иазырыӡбаз ари амчыбжь азы афымцалашара арцәаразы иалагалоу аграфик ҿыц инақәыршәаны, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара аҵараусбарҭа аспециалист хада Аза Кәарҷиаԥҳа.
Аҟәа ахәыҷбаҳчақәа 13 ыҟоуп, урҭ рахьынтә 5 ажәытә ҳәа иԥхьаӡоуп, егьырҭ 8 ҿыцуп, лҳәеит Кәарҷиаԥҳа.
"Иҿыцу ахәыҷбаҳчақәа рҟны уиаҟара ауадаҩрақәа ыҟаӡам, избанзар адизель рзықәгылоуп, былтәыла еиқәшәоуп. Иажәу абаҳчақәа рҟны хәыҷык ауадаҩрақәа ыҟоуп, аха иагьа ус акәзаргьы фатәыла-жәтәыла еиқәыршәоуп. Ахәыҟаҵаҩцәа асааҭ 7 рзы инеиуазҭгьы аусура, шьҭа асааҭ 5 рнаҩс инеилароуп ахәы ҟарҵарц азы. Убасгьы иӡбоуп абаҳчақәа зегьы рҟны асааҭ хәба рыбжанӡа ахәыҷқәа ыҟазарц", - лҳәеит Кәарҷиаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.