Аԥсны

Алашара аушьҭра аамҭеихша ҿыц алагалоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Алашара аушьҭра аамҭеихша ҿыц алагалоуп Аԥсны ԥхынҷкәын 11 инаркны. Уажәшьҭа ҽынла иааидкыланы алашара ҳарҭалоит х-сааҭк раҟара.
"Уаанӡа астанциа сааҭк ала 160 мегаватт амчхара аунашьҭуан. Атехникатә еиҭакрақәа ахьыҟалаз иахҟьаны, уажәшьҭа сааҭк ала 90 мегаватт роуп иоунашьҭуа", — ҳәа ануп акьыԥхьымҭаҿы.
Уахынла алашара шыҟац иҟазаауеит асааҭ 21:00 инаркны 7:00 рҟынӡа.